Белград адемонстрациақәа инагӡоит, иахьа астудентцәа амҩақәа адыркыр рҭахын
 Белград адемонстрациақәа инагӡоит, иахьа астудентцәа амҩақәа адыркыр рҭахын

Сербиа ахҭнықалақьаҿ  адемонстрациақәа инагӡоит, иахьа астудентцәа Белград амҩақәа адыркыр рҭахын.

Иацы апротесттә акциаҿы азинхьчаҩцәеи адемонстрантцәеи еилалеит, ааҩык азинхьчаҩцәа ахәрақәа роуит, 38ҩык адемонстрантцәа аанкылоуп.

Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, азинхьчаҩцәа алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит, избанзар, адемонстрантцәа, ақалақь ахадара ахыбра мчыла иҩналар рҭахын.

Белград, аоппозициаа алхрақәа рылҵшәақәа ирыдҳәаланы апротест ҟарҵоит.