Беларусь урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа аҩбатәи араун иалагеит
 Беларусь урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа аҩбатәи араун иалагеит

Беларусь урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа аҩбатәи араун иалагеит.

Аиҿцәажәарақәа рахь идәықәлаанӡа украинатәи аделегациа алахәыла Давиҭ Арахамиа ишиҳәаз ала,  «апрограмматә минимум» —  агуманитартә корридорқәа, анеҩс –  «аҭагылазаашьа инақәыршәаны».

Урыстәылатәи аделегациа аиҿцәажәарақәа ахьымҩаҧысуа аҭыҧахь иаха инеит. Урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы  Владимир Медински ишиҳәаз ала, аҳәарақәа 3 хәҭак рыла ишьақәгылоуп: арра-техникатә аспект, агуманитартә-жәларбжьаратәии аполитикатәии.