Баҭыми Русҭави абжьаратә алхрақәа мҩаԥысуеит
Баҭыми Русҭави абжьаратә алхрақәа мҩаԥысуеит

Баҭыми Русҭави абжьаратә алхрақәа мҩаԥысуеит. Ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла, Қырҭтәыла апарламент амажоритар алахәыла №12 амажоритартә округ аҿы далырхуеит, ари аокруг иаҵанакуеит Русҭавии Гардабартәи ахәҭеи. Баҭымтәи сакребуло ахь амажоритар  №79.04 аҭыԥантәи амажоритартә алхратә округ аҿы далырхуеит, ари аокруг иаҵанакуеит Гониои, Квариаҭии аҳаирбаӷәаза ааигәара иҟоу аиланхарҭеи.

Ацентртә алхратә комиссиа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, абжьаратә алхрақәа рымҩаԥгаразы ихиоуп 135 алхырҭа ҭыԥқәа, Русҭавии Гардабании -121, Баҭым – 14.

” Қырҭтәыла апарламент ахь абжьаратә алхрақәа рхы аладырхәо алхыҩцәа рхыԥхьаӡара  №12 амажоритартә округ аҿы  – 139 989-ҩык иаҟароуп,  сакребуло ахь  №79.04 аҭыԥантәи амажоритартә округ аҿы 20 635-ҩык“, – аарыцҳаит Ацентртә алхратә комиссиа аҟынтә.

Асааҭ 20:00 рзы абжьыҭира апроцесс ахыркәшара ашьҭахь иалагоит абжьқәа рыԥхьаӡара апроцедура. Абжьаратә алхрақәа рылҵшәақәа ианылоит иҷыдоу авебдаҟьа results.cec.gov.ge.