«Азоваа»  Путина агәҽанҵара ирҭеит хымҧада  ақәнага дшақәдыршәо азы
«Азоваа»  Путина агәҽанҵара ирҭеит хымҧада  ақәнага дшақәдыршәо азы

Аполк  «Азов» аибашьцәа авидеоааҧхьара ҟаҵаны, Урыстәыла ахада Владимир Путин агәҽанҵара ирҭеит хымҧада ақәнага дшақәдыршәо азы.   Авидеоааҧхьара алаирҵәеит аполк анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Никита Надточи.

Надточи ишиҳәаз ала, Еленовка украинатәи арратә атҟәацәа рышьразы Путин хымҧада дахьдырхәоит. Иара ишазгәеиҭаз ала, аурысцәа  украинатәи ар азы уахыки – ҽнаки амцҳәара иаҿын, анеҩс, Британиа Ду иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа аланарҵәеит    «азоваа» хымҧада ишьтәуп ҳәа.

Никита Надточи ишиҳәаз ала, Еленовка иҟалаз ацәгьаура алахәылацәа зегьы ахьырхәра роуеит.

«Еленовка аахара гәҭакыла ауаҩшьра афакт ҳасабала ҳахәаҧшуеит.  Урыстәыла ахьырхәра  иацәцоит ҳәа ргәы иаанагозар ҟалап. Дара уи иашьцылахьеит, убри азоуп аибашьра амҩаҧгара азакәанқәа, апҟарақәа, аҵасқәа зегьы зеиларго.  Убри аҟынтә, ҳара,  «Азовааи», Украинеи, ацивилизациатә дунеи Урыстәыла ирызхамшҭуа аҭак раҳҭароуп. Ҳатҟәацәа рышьра аиҿкааҩцәеи анагӡаҩцәеи  рыхьӡқәа реилкаара ҳаҿуп. Заанаҵтәи аинформациа ҳамоуп, аха, макьана аргама иаҳҳәар ҳҭахым. Иахьыҟазаалакгьы иҧшааны, ақәнага иақәҳаршәоит», — иҳәеит аполк  «Азов» анапхгаҩы.

Ҧхынгәы 29 рзы, Еленовка иҟоу аколониа ажәылараан иҭахеит  53ҩык украинатәи арратә атҟәацәа,  73ҩык ахәрақәа роуит. Украина анапхгара рҳәамҭала,  ампыҵахалаҩцәа гәҭакыла аколониа иаахеит, атҟәара иҟаз украинаа рыргәаҟра афактқәа иқәырхырцаз.