Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дара-дара ирхарарҵоит аҳәаатә раионаҿ амца аартра
Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дара-дара ирхарарҵоит аҳәаатә раионаҿ амца аартра

Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дара-дара ирхарарҵоит аҳәаатә раионаҿ амца аартра. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, асааҭ 15:10 инаркны  17:35-нӡа Шәамахьтәыла арбџьармчқәа, апровокациа амзызла, азербаиџьантәи ар апозициақәа раҧхьа аиџьныртә усурақәа рымҩаҧгара рҽазыркуан.  Аминистрра адырра ишану ала, азербаиџьантәи аган зыҧшра ҟамҵакәа иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаҧганы,  зыӡбахәы ҳәоу аусурақәа ааныркылеит.

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, асааҭ 17:25 рзы ашәамахь арбџьармчқәа азербаиџьантәи ар рпозициақәа иреихсуа иалагеит.

Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра  аинформациа инақәыршәаны, мшаҧы 5 асааҭ  17:05-и  17:30-и рзы азербаиџьантәи арратә хәҭақәа ашәамахь позициақәа иреихсуан. Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминиситрра  ишаанацҳаз ала, ашәамахь аруаа азербаиџьантәи апозициақәа иреисуан ҳәа азербаиџьантәи аган иаладырҵәаз аинформациа ииашам.