Азербаиџьан ԥхынҷкәын 14 инаркны акарантин аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәгылоу аԥкрақәа ӷәӷәахоит
Азербаиџьан ԥхынҷкәын 14 инаркны акарантин аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәгылоу аԥкрақәа ӷәӷәахоит

Азербаиџьан акарантин ала иазыԥхьагәаҭоу арежим ҷыда ажьырныҳәа 31-нӡа аҿҳәара ацырҵеит. Ари атәы аанацҳаит азербаиџьантәи агентра “Тренд” Азербаиџьан Аиҳабыра иаԥырҵаз аштаб ҷыда аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Азербаиџьан ԥхынҷкәын 14 инаркны ажьырныҳәа 18-нӡа акарантин аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәгылоу аԥкрақәа ӷәӷәахоит. Ԥхынҷкәын 14, асааҭ 06:00 инаркны амч аиуеит смс-қәа рыла адәахьы адәылҵра зин аиура аҵас.

Иара убас, ԥхынкәын 14 инаркны ахәаахәҭратә аобиектқәа аркхоит. Аметрополитен аусура аанкылоуп ажьырныҳәа 31-нӡа.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Азербаиџьан aкоронaвирус  3086-ҩык рыдбaлан,  рыҧсҭазаара иалҵхьеит 1 675 -ҩык.