Авакцина «Синовак» аҩбатәи адозазы атәылауаа ашәҟәы рҭаҩра иалагеит
Авакцина «Синовак» аҩбатәи адозазы атәылауаа ашәҟәы рҭаҩра иалагеит

 Авакцина «Синовак» аҩбатәи адозазы атәылауаа ашәҟәы рҭаҩра иалагеит.

Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ала, авакцинациа наӡа азы иаҭаху 2 дозак  14-28  мшы рыбжьазароуп.

Авакцина «Синовак»  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара  авторизациа амоуп рашәара 1 инаркны.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр адырра ала, мшаҧы  29 рзы Қырҭтәыла   авакцина  «Синовак»  100 000 адозақәа  аиуит, актәи адозала авакцинациа иалагеит лаҵара 24 рзы,   абри авакцина ҟарҵахьеит  17 199ҩык атәылауаа.

Авакцинациа аҩбатәи адоза аҟаҵаразы арегистрациа шәахысроуп апортал ҷыда аҿы, ма — 1522 аномер ала аҭел шәасны.