Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Баҭым, Михеил Саакашвили идгыларатә акциаҿ иаха азакәанхьчаҩцәа 22-ҩык ааныркылеит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Баҭым, Михеил Саакашвили идгыларатә акциаҿ иаха азакәанхьчаҩцәа 22-ҩык ааныркылеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала Баҭым, Михеил Саакашвили идгыларатә акциаҿ иаха азакәанхьчаҩцәа 22-ҩык ааныркылеит. Урҭ рыззегьы “Амилаҭтә ҵысра” алахәылацәа роуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, аанкылара шьаҭас аман административтә зинеилагараафактқәа.

Аиҿагылара иалагеит азакәанхьчаҩцәа Гамсахәырдиа имҩаҿ идыргылаз ақьалақәа рықәгара аналага ашьҭахь.

Иацы, Баҭым,  Аҷара аиҳабыра рыҩны аҧхьа,  Михаил Саакашвили ахәшәтәразы аҳәаанырцәҟьа ииагара аҳәарала акциа мҩаҧысуан. Уахынла акциа алахәылацәа Аҷара аиҳабыра аргылара  аҧхьа ақьалақәа дыргылан, Михеил Саакашвили абахҭа дахьынӡаҭаку ақьалақәа ҳҭыҵуам ҳәа аарыцҳаит.