Аҩны шкәакәа -  Америка ахада НАТО алалара зҭаху иарбанызаалак атәыла дадгылоит
Аҩны шкәакәа -  Америка ахада НАТО алалара зҭаху иарбанызаалак атәыла дадгылоит

 

Америка ахада Џьо Баиден НАТО алалара зҭаху иарбанызаалак атәыла дадгылоит, — атрадициатә брифинг аҿы ари атәы аалыцҳаит Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ Джен Псаки.

«Америка ахада  НАТО нрылаҵаны, ашәарҭадаратә алиансқәа  ралалара зҭаху  иарбанызаалак атәыла дадгылоит. Иара убас, Америка ахада, Украина аҽазышәарагьы дақәшаҳаҭуп. Зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа  еиуеиҧшым азҵаарақәа рҿы акритериумқәа нарыгӡароуп. НАТО апартниорцәа рхала ирыӡбароуп ари амҩа зеиҧшрахо», — илҳәеит Псаки.