Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз, Украина ЕАШ рҟынтә хара ихысуа аракетатә система аиуам
Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз, Украина ЕАШ рҟынтә хара ихысуа аракетатә система аиуам

Џьо Баиден иадминистрациа Киев аракетатә системақәа аҭара азҵаара иахәаԥшуеит, аха Украина Вашингтон аҟынтә хара ихысуа аракетатә система аиуам, – “Роитер” аинформациа ала ари атәы аалыцҳаит Аҩны шкәакәа апресспикер Карин Жан-Пиер.

Арҭ амшқәа рзы ЕАШ ахада Џьо Баиден ажурналистцәа данрацәажәоз ишазгәеиҭаз, Американтә Украина аиуӡом Урыстәыланӡа анаӡара зылшо хара ихысуа аракетатә системақәа.

Аҩны шкәакәа апресспикер абрифинг аҿы ишазгәалҭаз, асистемақәа рызҵаара ирыхәаԥшуеит, аха, ахада Баиден ишааицҳаз, хара ихысуа аракетақәа рыҭара игәы иҭам. Уажәы аспецификатә детальқәа сызҳәом”, – иләҳеит Жан-Пиер.