Аҩадаатлантикатә алианс алахәылацәа Швециеи Финлиандиеи  НАТО алаларазы аофициалтә ааҧхьара рырҭеит
Аҩадаатлантикатә алианс алахәылацәа Швециеи Финлиандиеи  НАТО алаларазы аофициалтә ааҧхьара рырҭеит

«Швециеи Финлиандиеи НАТО алаларазы аофициалтә ааҧхьара рыҭаразы аӡбара ҳадаҳкылеит, апротокол анапаҵаҩра ҳақәшаҳаҭхеит», —  иануп НАТО Мадридтәи асаммит адекларациаҿы.

Адекларациа инақәыршәаны, Финлиандиеи Швециеи ршәарҭадара Аҩадаатлантикатә алианс азы аҵакы ду амоуп.

«Ҳара ишьақәҳарҕәҕәоит НАТО иаарту ашә аполитика ҳшазгәыку.  Иахьа Швециеи Финлиандиеи НАТО алаларазы ааҧхьара раҳҭеит, апротокол анапаҵаҩра ҳақәшаҳаҭуп.   Финлиандиеи Швециеи ршәарҭадара Аҩадаатлантикатә алианс азы аҵакы ду амоуп», — иазгәаҭоуп асаммит адекларациаҿы.