Атәыла ахада жәаҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхылхит  
Атәыла ахада жәаҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхылхит  

 

Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили жәаҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхылхит.

Атәыла ахада лпресс-маҵзура адыррақәа рыла, хҩык абаандаҩцәа апенитенциартә усбарҭаҿы азыӡба ахгара аҟынтә рхы иақәиҭуп, урҭ руаӡәы дыҧҳәысуп.

Ҧшьҩык абаандаҩцәа апенитенциартә усбарҭаҿы ирхыргараны иҟаз азыӡба аҿҳәара рыздырмаҷит, урҭгьы ҧҳәыск дрылоуп.

Ашьауҕа ахыхра акт рыдкьыслеит еилаӡарала зус ӡбоу хҩык ауааҧсырагьы, даргьы еилаӡарала азыӡба ахгара аҟынтә рхы иақәиҭуп.