Ашықәсҿыцтәи аиллиуминациа ашьақәыргылара иадҳәаланы,  Русҭавели имҩадуаҿ атранспорт аиҭаҵра аамҭала аанкылазаауеит
Ашықәсҿыцтәи аиллиуминациа ашьақәыргылара иадҳәаланы,  Русҭавели имҩадуаҿ атранспорт аиҭаҵра аамҭала аанкылазаауеит

Ашықәсҿыцтәи аиллиуминациа ашьақәыргылара иадҳәаланы,   ҧхынҷкәын 2  асааҭ  00:00 инаркны асааҭ  06:00-нӡа Раҧхьатәи ареспублика ашҭеи Ахақәиҭта ашҭеи рыбжьара амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспорт аиҭаҵра аамҭала аанкылазаауеит.

Қарҭ ахадара адыррала, атранспорт еиҭаҵуеит  Леониӡеи,  Ингороҟвеи,  Алеқсандр Ҷавҷаваӡеи, Грибоедови, Бараҭашвилии, Ҭабукашвилии амҩақәа рыла.

Мелиқишвили имҩаду инаркны Мҭаҵминда араион егьырҭ амҩақәа рҿы аиҭаҵра ҟалоит  Џьанашьиеи, Ҭархнишвилии, Татишвилии, Човелиӡеи,  Зандукелии, анеҩс, Барнови,  Гогебашвилии, Какабаӡеи амҩақәа рыла.