Арчил Гордулаӡе  - Ақырҭуа жәлар ирҭахуп иарбан тәылазаалак аҟынтә Қырҭтәылаҟа адирективақәа  ҟамларц, зегьы ҳаиҟараны иҳазныҟәалааит, ҳара егьырҭ амилаҭқәа ҳреицәам, егьырҭ раҵкысгьы ҳаиҵахом 
Арчил Гордулаӡе  - Ақырҭуа жәлар ирҭахуп иарбан тәылазаалак аҟынтә Қырҭтәылаҟа адирективақәа  ҟамларц, зегьы ҳаиҟараны иҳазныҟәалааит, ҳара егьырҭ амилаҭқәа ҳреицәам, егьырҭ раҵкысгьы ҳаиҵахом 

Арчил Гордулаӡе  – Ақырҭуа жәлар ирҭахуп иарбан тәылазаалак аҟынтә Қырҭтәылаҟа адирективақәа  ҟамларц, зегьы ҳаиҟараны иҳазныҟәалааит, ҳара егьырҭ амилаҭқәа ҳреицәам, егьырҭ раҵкысгьы ҳаиҵахом

Қырҭтәыла апарламент аиуристтә комитет ахантәаҩы Арчил Гордулаӡе иҳәамҭала, ақырҭуа жәлар ирҭахуп иарбан тәылазаалак аҟынтә Қырҭтәылаҟа адирективақәа  ҟамларц. Иара иажәақәа рыла ақырҭуа жәлар егьырҭ ажәларқәа иреицәам, ажәларқәа зегьы еиҟараны ирызныҟәатәуп.

«Рыцҳарас иҟалаз, ахатә гәаанагара аҳәареи ихьыҧшым апозициа аарҧшреи азин змам ауаа иҟоуп. Уажәааны иаабеит аҳәаанырцәынтәи иҳауз атекст  ажәакгьы мԥсахӡакәа, апунктуациатә дыргаҵәҟьагьы мырҽеиӡакәа ақырҭшәала ишеиҭаргоз.  Уажәы аҳәамҭақәа ҟарҵоит ихьыҧшым амилаҭ рыбжьы аҭгареи аиҳабыра рнапхгареи рҟынтә аҭак аҳәареи ишҧаргәаҕьи ҳәа. Даниа ауаҩы изинқәа реилагара проблемамзаап, Қырҭтәыла иҟаз амчыларатә акциақәа рганахьала иахәҭоу ақәҿыҭра аҟаҵара  — адемократиатә шьҭахьҟацара акәзаап. Уи уажәшьҭа иҩбоу астандартқәа ракәӡам, уи изакәызаалак астандартқәа рыҟамзаароуп иаанаго.  Ақырҭуа жәлар ирҭахуп иарбан тәылазаалак аҟынтә Қырҭтәылаҟа адирективақәа  ҟамларц, зегьы ҳаиҟараны иҳазныҟәалааит, ҳара егьырҭ амилаҭқәа ҳреицәам, егьырҭ раҵкысгьы ҳаиҵахом.   будем молчать меньше других.  Қырҭтәыла ишахәҭоу еиҧш иазныҟәар, ақырҭуа жәлар ржәылара иаҟәыҵыр еиҕьуп», — иҳәеит  Арчил Гордулаӡе.