Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет алахәылацәа „Аконституциатә аӡбарҭа иазку“ азакәан аҧсахра алагалара иадгылеит, ари аҧсахра апассивтә алхратә зин аҧкра апроцедуратә зҵаарақәа ирызкуп
Аиуристтә зҵаарақәа рзы акоомитет алахәылацәа, актәи аҧхьарала, ирласу аҧҟарала, „Аконституциатә аӡбарҭа иазку“ азакәан аҧсахра алагалара иадгылеит.
Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Арчил Гордулаӡе ишиҳәаз ала, азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа инрықәыршәаны, аконкреттә партиа иқәиҭымзар, уи алахәылацәеи ари апартиа иадҳәалоу ауааҧсыреи апассивтә алхратә зин ахархәара рылшом, ҽакала иаҳҳәозар, Қырҭтәыла апарламенти амуниципалитетқәеи рахь урҭ ралхра ҟалом. Иара убас, дара Аконституциаҿы иарбоу аорганқәа рнапхгаратә ҭыҧқәа раанкылара азин роуам, даҽа партиак изалалом. Насгьы даҽа партиак аҧара азоушьҭра рылшом.
Арчил Гордулаӡе иҳәамҭала, Аконституциатә аӡбарҭа ақәҵара назымгӡо апартиа „Ашьауҕатә закәанеидкыла“ ала иазҧхьагәаҭоу аҭакҧхықәра рыдырҵоит.
„Убри аҟынтә, арҭ аҧсахрақәа амч анроулак, „Ақырҭуа гәахәтәы“ агәыҧ Аконституциатә аӡбарҭа иадҵааланы, аконкреттә партиақәа рқәиҭымтәра ианаҳәалак, ҳполитика иалахәу агентура рҵыхәа ҧҵәазаауеит. Уи Қырҭтәыла Аконституциагьы Страсбургтәи жәларбжьаратәи аӡбарҭа апрактикагьы иашьашәалоуп“, – иҳәеит Арчил Гордулаӡе.