Ақырҭуа амцарцәаҩцәа-аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәыла аусеицуреи акоординациеи рагентра аҟынтә амцашыра зычҳауа аформақәа  роуит
Ақырҭуа амцарцәаҩцәа-аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәыла аусеицуреи акоординациеи рагентра аҟынтә амцашыра зычҳауа аформақәа роуит

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рагентра амаҵзура Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәареи Ҭырқәтәыла аусеицуреи акоординациеи рагентра аҟынтә амцашыра зычҳауа аформақәа роуит. Ари аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

“Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рагентра амаҵзуреи Ҭырқәтәылатәи ареспублика Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  иаҵнакәа Ҭырқәтәыла аусеицуреи акоординациеи рагентреи (AFAD) рыбжьара 2018 шықәсазы аусеицура амеморандум рыбжьарҵеит, уи хықәкыс амоуп акатастрофақәа ррискқәа рхылаԥшра ахырхарҭаҿ аусеицура арӷәӷәара. Аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи акымкәа азыҟаҵарақәа еицынарыгӡахьеит”, – иануп аинформациа аҿы.