Аҧсабаратә рыцҳара амшала Ливиа иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 5 нызқьҩык рҟынӡа
Аҧсабаратә рыцҳара амшала Ливиа иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 5 нызқьҩык рҟынӡа

Аҧсабаратә рыцҳара амшала Ливиа иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 5 нызқьҩык рҟынӡа. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,   10 000ҩык  хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит  CNN.

Ливиа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала,  5300ҩык иреиҵамкәа ҭахеит.

Ливиа аҩада-мрагыларатә ахәҭаҿы ақәоурацәгьа амшала ҩ-дамбак ибган, аӡы зхыҵәыз араионқәа иҵегьы аӡы рҭалеит.

Аҭыҧантәи анапхгара рҳәамҭала, зегьы реиҳа идуу азарал аиуит Дерна ақалақь, уаҟа хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп  6000ҩык.