Ливиа иҟалаз аӡхыҵреи аԥшатлакәи рымшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 3000-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Ливиа иҟалаз аӡхыҵреи аԥшатлакәи рымшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 3000-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Ливиа иҟалаз аӡхыҵреи аԥшатлакәи рымшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 3000-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Аԥсабаратә рыцҳара амшала аӡкырақәа аԥхьасҭа ахьроуз Дерна ақалақь аҿы аҟәара иаԥныз аиланхарҭа ӡыла ихҩоуп. Хабарда иӡит 5000-ҩык.

Аҭыԥантә напхгара ишаарыцҳаз, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара 10 000-ҩык иреиҳахар ҟалап.

Аԥшатлакә “Дениел” амшала аԥхасҭа роуит зықьла ахыбрақәа.

Атәылаҿ хымштәи алахьеиқәҵаратә амш рылаҳәоуп.