Ливиатәи ақалақь Дернаҿ аӡхыҵраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 11300-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Ливиатәи ақалақь Дернаҿ аӡхыҵраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 11300-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Ливиатәи ақалақь Дернаҿ аӡхыҵраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 11300-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Дивиа егьырҭ аиланхарҭақәа рҿы иҵегь 170-юык ҭахеит.

Аџьар ҟаԥшь  (IFRC) ливиатәи аиҿкаара аинформациа ала, 10100-ҩык хабарда иӡит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ливиатәи Аџьар ҟаԥшь адыррала, ақәаршаҩы амшала ҩӡкырак ҟалеит.

Дерна ахада Абдел-Монеи Аль-Ӷаиҭи ишааицҳаз, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара 20 000-ҩык рҟынӡа шьҭыҵыр ҟалап.