Ланчхуҭи ахада  - Аҧсабаратә рыцҳара азона иалгоуп  50 раҟара аҭаацәарақәа
Ланчхуҭи ахада  - Аҧсабаратә рыцҳара азона иалгоуп  50 раҟара аҭаацәарақәа

Ланчхутҭтәи амуниципалитетаҿ аҧсабаратә рыцҳара иахылҵыз алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа активла имҩаҧысуеит.

Ланчхутәи амуниципалитет ахада  Алеқсандр Саришвили ишиҳәаз ала, аҧсабаратә рыцҳара азона иалгоуп  50 раҟара аҭаацәарақәа.

«Ланчхутҭтәи амуниципалитетаҿ аҧсабаратә рыцҳара иахылҵыз алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа активла имҩаҧысуеит.  Иаха шаанӡа аус аауан.  Аҧсабаратә рыцҳара азона иалгоуп  50 раҟара аҭаацәарақәа. Атехника алокациақәа зегьы рахь инагоуп, ҩымш рыла ари аҭыҧ ҳрыцқьар ҳҭахуп. Адгьылҳәазара ахьыҟалаз аҭыҧқәа рацәоуп. Уажәазы аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡара лаҟәит. Аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ иҟоу ауааҧсыра ацәаҳәа ҷыдашҟа аҭел иасыр рылшоит. Ақалақь ахадара ахаҭарнакцәа афатә рызнаргоит», — иҳәеит  Алеқсандр Саришвили.