Гуриа арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак –  Аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхра иазку аусурақәа излауа ала ирласны рхыркәшаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит
Гуриа арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак –  Аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхра иазку аусурақәа излауа ала ирласны рхыркәшаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит

Аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхра иазку аусурақәа излауа ала ирласны рхыркәшаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, — иҳәеит Гуриа арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Гьаргь  Урушаӡе.

Иара иажәақәа рыла, аиҳабыра,  аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп,  ироуа адыррақәа зегьы иаамҭаны ирықәҿырҭуеит.

«Аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп,  иҳауа  адыррақәа зегьы иаамҭаны ирықәҿаҳҭуеит. Ауааҧсыра ишәарҭам азонашҟа ииаргоит.  Амҩақәеи, агазмҩангагақәеи, афымцамҩангагақәеи реиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит.  Аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхра иазку аусурақәа излауа ала ирласны рхыркәшаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит  Гьаргь  Урушаӡе.