Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Туркменистан Меџьлис ахантәаҩы Дуниагозель Гулманова дылҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Туркменистани реизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан Туркменистан Меџьлис ахантәаҩы Қырҭтәыла раҧхьатәи лофициалтә визит атәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы иамоу аҵакы ду.
Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәылеи Туркменистани рполитикатәи рекономикатәи еизыҟазаашьақәа ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан ахәаахәҭра аусхкы аҿы иҟоу адинамика бзиа. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Туркменистани Қырҭтәылеи атранспорттәи, алогистикатәи, аенергетикатәи аусхкқәа рҿы қәҿиарала аус еицыруеит.
Убри адагьы, аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ду азун „Абжьаратә корридор“ аҿиара аус аҿы атәылақәа русеицура азҵаара.
Аиҧылара рхы аладырхәит аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, Қырҭтәыла иҟоу Туркменистан ацҳаражәҳәаҩ Довлетмират Сеитмаммедови, Туркменистан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Константин Сабиашвилии.