Аҧыза-министр Қвемо Қарҭли арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Илиа Џьалаҕаниа диҧылеит 
Аҧыза-министр Қвемо Қарҭли арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Илиа Џьалаҕаниа диҧылеит 

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қвемо Қарҭли арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Илиа Џьалаҕаниа диҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Илиа Џьалаҕаниа ақәҿиарақәа изеиҕьашьаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит арегионаҿ имҩаҧысуа, иара убас, аплан иарбоу апроектқәа қәҿиарала рынагӡараҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак инаигӡо ароль ду.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, апроектқәа ибзианы, иаамҭаны рымҩаҧгара инаваргыланы, аҵакы ду амоуп ауааҧсыра рҭахрақәеи уажәазы иҟоу апроблемақәеи иаамҭаны рықәҿыҭра, аҳәынҭқарра ахаҭарнак ари азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азиуроуп.

Аиҧылара ихы алаирхәит арегионалтә аҿиара аминистр Каха Гуледани.

Илиа Џьалаҕаниа занааҭла диуриступ. Иахьанӡа иара Қвемо Қарҭли арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак инапынаҵақәа наигӡон, актәи ихаҭыҧуаҩс дыҟан. Илиа Џьалаҕаниа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы, азинхьчаратә системаҿгьы аусура аҧышәа ду имоуп. Акыршықәса ирылагӡаны Илиа Џьалаҕаниа еиуеиҧшым арегионқәа рҿы аокругтә прокурорс аус иуан, иара убас, аиуристтәи аусеилыргаратәи аусура аҧышәа ду имоуп.