Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит 
Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Шераз Гасри дылҧылеит.  

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Франциеи реизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. 

Ишазгәаҭаз ала, Франциа – Қырҭтәылазы аиҩызаратә  тәылоуп, зыгәра угаша партниоруп. Аиҳабыра рнапхгаҩы Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, азхаҵамра аполитика амҩаҧгареи азыҳәан. 

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгылеи НАТОи рахь Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс аҿы Франциантә Қырҭтәыла иамоу адгылара ҕәҕәа аҵакы. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла наҟ-наҟгьы европатәи апринципқәа рықәныҟәареи арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи адгылареи нанагӡоит.