Аҧыза-министр Кавказ аҧсылманцәа русбарҭа ахантәаҩы диҧылеит 
Аҧыза-министр Кавказ аҧсылманцәа русбарҭа ахантәаҩы диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Кавказ аҧсылманцәа русбарҭа ахантәаҩы Алаҳшуқур Ҧашазаде диҧылеит. 

Кавказ аҧсылманцәа русбарҭа ахантәаҩы Қырҭтәыла аҧыза-минситр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев иҟынтә асалам ииҭеит.  

Аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Азербаиџьани Қырҭтәылеи  аигәылара  мацара акәымкәа, аиҩызареи аешьареи рыбжьоуп, Қырҭтәыла абарҭ аизыҟазаашьақәа рыхә ршьоит. 

„Даҽазнык аҳаҭырқәҵара ду шәзышьақәсырҕәәҕар сҭахуп. Қырҭтәыла шәбара сеигәырҕьеит. Қырҭтәыла шәыдкылара сара сзы ҳаҭыр дууп, шықәсқәак раҧхьа ҳшеиҧылаз сгәалашәоит, усҟангьы ибзиаҵәҟьаны ҳаицәажәеит, иахьагьы Қарҭ шәыҟазаара  даараӡа сеигәырҕьеит.  

Сара еснагь исҳәалоит Азербаиџьан ҳара ҳзы ҳгәылара иҟоу атәыла мацара шакәым. Ҳара аиҩызареи аешьареи ҳабжьоуп, ҳәарада, ҳара арҭ аизыҟазаашьақәа иҳаракны рыхә ҳшьоит.  Ахырхарҭақәа зегьы рыла алҵшәа ссир ҳамоуп, аконкреттә прогресс ду ҳамоуп, ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп, шәвизитгьы абри аешьареи абзиабареи шьақәнарҕәҕәоит. Шәареи ҳпатриархи аиҩызара ҷыда шәыбжьоуп, ари афактгьы даараӡа сеигәырҕьоит, шәара чыдала ҳаҭыр шиқәыршәо здыруеит“, иҳәеит аҧыза-министр. 

Аиҧылараан Алаҳмуқур Ҧашазаде иаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-тәылак реиҩызареи рыешьареи арҕәҕәаразы аҧыза-министр иҟаиҵаз алагала ду.  

„Гәыкала ҳашәхьыдышәкылаз азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҧасатәи ҳаиҧыларагьы аҧхарра ду ацын. 

Свизит иалагаанӡа, сара ахада Илҳам Алиев сиацәажәеит, иара акы еиҧшымкәа  дсыҳәеит иара иҟынтә гәыкала асалам шәысҭарц, сара уи насыгӡеит. 

Сара сполитикӡам, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп  Кавказ аҿы еигәылацәоу абарҭ ҩ-тәылак аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи, арелигиатәи уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла аизыҟазаашьа ҷыдақәа шрыбжьоу.  

Ҧаса ҳаҭыр зқәу ахада саниҧылозгьы, иареи шәареи  шәеизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит.  Иара еснагь аҧхарра ҷыдала, ҳаҭыр ҷыдала дшәыхцәажәоит, арҭ аизыҟазаашьақәа ажәларқәагьы ирныҧшуеит, зыҩаӡара ҳараку ҳаизыҟазаашьақәа рзы аҵакы ду рымоуп“, – иҳәеит Алаҳшуқур Ҧашазаде. 

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун аҧсылманцәа руаҧшьына адгыларазы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа. 

Аиҧылараҿы  ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҧсылманцәа ирырҭеит  228 аџьамаақәа, иара убас, Қарҭ, 1300 аквадраттә метр аҵакыра рзоушьҭуп „Қырҭтәыла аҧсылманцәа русбарҭа“ аофис хада аргыларазы. Иахьазы Қырҭтәыла зехьынџьара  300 аџьамаақәа аус руеит. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьантәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви, Кавказ аҧсылманцәа руаҧшьына ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Салман Мусаеви, Азербаиџьантәи ареспублика Арелигиатә ассоциациақәа аҳәынҭқарратә комитет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Саиб Нагиеви. 

Қырҭтәыла аганаҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит Жәыргьыҭи Цаишьии аепархиа амитрополит, Қырҭтәыла Апатриархиаҿы адәныҟатәи аусқәа рзы аҟәша анапхгаҩы, аҷҟәандар Герасимеи, апротопресвитер Гьаргь Звиадаӡеи, Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарртә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡеи.