Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Узбекистантәи ареспубликаҿы ивизит иалагеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Узбекистантәи ареспубликаҿы ивизит иалагеит. Илҳам Каримов ихьӡ зху Ташкенттәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы аҧыза-министр иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҧылеит Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипови, авице-аҧыза, аинвестициақәеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рзы аминистр Џьамшид Хоџьаеви, Узбекистантәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Фуркат Сидикови, Узбекистантәи ареспубликаҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Абдушелишвилии.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.