Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра аекономикеи апланшьҭыхреи рзы аминистр диҧылеит 
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра аекономикеи апланшьҭыхреи рзы аминистр диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра аекономикеи апланшьҭыхреи рзы аминистр Фаисал Фадил Аль-Ибраҳим диҧылеит. 

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа еиуеиҧшым русбарҭақәа рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура аҵакы, иара убас, иҳәаақәҵан аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Саудтәи Аравиеи русеицура аекономикатә комитет аиҿкаара алшара иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Саудтәи Аравиа аҟынтәи иаҳа ирацәаны аинвесторцәа Қырҭтәылаҟа раара дадгылоит. Ишазгәаҭаз ала, атуризм – Қырҭтәыла аекономикаҿы ирласны аҿиара иаҿу секторуп, Саудтәи Аравиа атәылауаа авизадатә режим рхы иадырхәоит, ари атәыла аҟынтә аҭааҩцәа рхыҧхьӡара есышықәса иазҳауеит. 

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Украина имҩаҧысуа аибашьреи уи амшала Мрагыларатә Европа арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала ицәырҵыз апроблемақәеи. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла жәларбжьратәи аформатқәа зегьы рҿы Украина ишадгыло.