Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра аҧыза-министр Борис Џьонсон диҧылеит 
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра аҧыза-министр Борис Џьонсон диҧылеит 

Қырҭтәылеи Иеиду аҳреи рыбжьара астратегиатә партниорреи  ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Иеиду аҳра аҧыза-министр Борис Џьонсони реиҧылараҿы. Иракли Ҕарибашвили Борис Џьонсон диҧылеит Мадрид ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи,  аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә интеграциеи адгыларазы. Иара ишиҳәаз ала,  адемократизациеи ареформақәеи рыбзоурала ҩ-тәылак рпартниорра иаҳа иҕәҕәахап  ҳәа дәгыҕуеит.  

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭрf азун еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы ҩ-тәылак русеицура,  ишазгәаҭаз ала, астратегиатә диалог аформати еиуеиҧiым аусхкқәа рҿы аусеицуреи абзоурала,  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит.  Иракли Ҕарибашвили Борис Џьонсон Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.