Аҧыза-министр иҳәамҭала,  акатегориақәа зегьы ирыҵанакәа атәанчуаа атәанчахә рзацырҵоит
Аҧыза-министр иҳәамҭала,  акатегориақәа зегьы ирыҵанакәа атәанчуаа атәанчахә рзацырҵоит

«Ажьырныҳәа инаркны агәабзиарахьчареи асоциалтә программақәеи   770 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоуҳашьҭуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиаҳабыра реилатәараҿы.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  70 шықәса еиҳаны изхыҵуа, ашьхаҳаракыратә регионқәа ирықәынхо атәанчуаа  440 лари атәанчахә роуеит, егьырҭ аҭыҧқәа рҿы  — 365 лари.

«70 шықәса зхымҵыц атәанчуаа  300 лари роуеит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы  355 лари.

Иара убас, атәанчахә инаваргыланы, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи ироуа асоциалтә цхыраара иацлоит  65 лари. Ахәыҷқәа ироуаз ацхыраара хынтә азҳаит.  50 лари иҟан, уажәы  150 лари иҟалеит. Ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит», —  Ҕарибашвили.