Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит иааиуа амшқәа рзы авакцинациа ацентрқәа  авакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы ихиазарц
Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит иааиуа амшқәа рзы авакцинациа ацентрқәа авакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы ихиазарц

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҿы иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит иааиуа амшқәа рзы авакцинациа ацентрқәа авакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгразы ихиазарц. 
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  ҧхынгәы алагамҭазы, атәыла авакцина миллион адозақәа анаиулак, авакцинациа апроцесс ирласны имҩаҧгатәуп, алаҵақәа рыҟаҵареи, алаҵақәа ҟазҵо абригадақәа рхыҧхьаӡареи, арегистрациа апроцесси иадҳәаланы изыкәызаалак уадаҩрак иҟамзароуп.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ахьчара амзызла,  аҧкрақәа рырҧсыҽреи атуристтә сезони иахылҵыр зылшо апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны, амассатә вакцинациа апроцесс, хымҧадақәҿиарала имҩаҧгатәуп. Иара убас, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы иазааҭгылеит иахьазы атәылаҿы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьагьы.
Ишдыруа ала, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, ҧхынгәы 1 инаркны, ҵхыбжьон, асааҭ  23:00 инаркны асааҭ 04:00-нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкра аҧыххоит; аха, уезгьы, ҧхынгәы 1 инаркны, акрыфаратә обиектқәа асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа аусура азин рымам. Ҵхыбжьонтәи аклубқәагьы русура ҧкызаауеит.
Убри адагьы, иаарту ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара хымҧадам, абри аҧҟара абжьагаратә ҟазшьа амоуп, избанзар, адунеи зехьынџьаара авирус аларҵәара апревенциазы асабрада иреиҕьу хархәагас иазхаҵоуп. Асабрада хымҧада иныҟәгатәуп ауаа рацәа реизара аҭыҧқәа рҿы, урҭ рыбжьара, аангыларҭақәеи, аџьармыкьақәеи,  ауаажәларратә транспорти, иарку ақәыҧшыларақәеи рҿы.