Аҧыза-министр Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит 
Аҧыза-министр Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Германтәылатәи афедеративтә республика ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишер диҧылеит.

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәеи ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. Дара ишырҳәаз ала, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иусура Қырҭтәылеи Германтәылеи ртрадициатә еизыҟазаашьа ҕәҕәақәа иаҳа рырҭбаара иацхраап ҳәа иәгыҕуеит.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Германтәылеи  аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи зыгәра угаша апартниорреи рыбжьоуп. Хшыҩзышьҭра азун Германтәыла ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгылара аҵакы.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла иҳаракны ахә ршьоит аҿиара аганахьала апартниор хада Германтәыла Қырҭтәыла иазоунашьҭуа ацхыраара аҵакы, Германтәыла Қырҭтәыла иацхраауеит  KfW-и,  GIZ-и, егьырҭ германтәылатәи институтқәеи рыла.