Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара  (WHO) арегионалтә директор Ҳанс Клиуге диҧылеит
Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара  (WHO) арегионалтә директор Ҳанс Клиуге диҧылеит

 

Қырҭтәыла аиҳабыра, конкретла, Аҧыза-министр инапхгарала акоронавирус апандемиа ахылаҧшра апроцесс, ҳәарада, ахәшьара бзиа аҭатәуп – иҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор Ҳанс Клиуге Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа даниҧыла ашьҭахь.

Covid-19 апандемиа аҿагылара ахырхарҭала Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго ауснагӡатәқәеи, агәабзиарахьчара асектор аҿы имҩаҧыргараны иҟоу ареформақәеи,  аковидвакцинациеи ирылацәажәеит аиҳабыра рнапхгаҩи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалатә директори реиҧылараҿы.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Ҳанс Клиуге акоронавирус ахкҿыц аҿагылара амзызла Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәа ибзианы дрыхцәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит аклиникатә сасааирҭақәеи, онлаин клиникақәеи инарыгӡо ароль ду. Иара убас, хшыҩзышьҭра ҷыда азун аҭыҧантәи, иара убас, жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Лугар илабораториа иамоу астратегиатә ҵакы.
Аганқәа рхаҭарнакцәа аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы атәылаҿы имҩаҧысуа аусурагьы иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, абри азҵаара иадҳәаланы Аҧыза-министр идҵала еиҿкаау акомиссиа ҷыда активла аусура иаҿуп иаамҭаны авакцина аагареи, иара убас,  аинфраструктуратәи алогистикатәи зҵаарақәа рҭыҧқәҵареи азыҳәан. Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан  COVAX аплатформа инаваргыланы, жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа шымҩаҧысуа. Ари апроцесс иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи.  Ҳанс Клиуге ишиҳәаз ала, ари ахырхарҭала Гьаргь Гахариа дицхраарц дыхиоуп.
Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директори агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи раҧхьатәи агәабзиарахьчара асектор ароли аусушьеи иазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыра ҩымзтәи рплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ҧхынҷкәын алагамҭа инаркны атәылаҿы имҩаҧысуа  аинтенсивтә тестирра аҵакы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор авизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаареи кыршықәса рыҩнуҵҟа қәҿиарала аус еицыруеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абжьгарақәа Қырҭтәылазы аҵакы ду рымоуп, акоронавирус ахкҿыц ахылаҧшра апроцесс мацараҿ акәымкәа, ареформақәа рымҩаҧгара аганахьалагьы.

Уи адагьы, Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  сынтәа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа, амиссиа ҷыда ала,  ҩынтә Аҧснытәи арегион ашҟа инеины, аҭагылазаашьа гәаҭаны, иашьашәалоу абжьагарақәа ҟарҵеит.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аган аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит  – Европа арегионалтә офис агәабзиарахьчара апрограммақәа рнапхгаҩы Нино Берӡулии, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара хырҧашьа змам ақәҿыҭреи ацхыраареи аҟәша апроектқәа рхылаҧшра аофицар Наталиа Димовеи, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Қырҭтәылатәи аофис анапхгаҩы Сильвиу Доментеи. Қырҭтәыла аган аҟынтә  –   Аҧыза-министр иаппарат аиҳабы Саломе Гагуа.