Аҧыза-министр FITUR 2021 асасцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз аофициалтә адкылара ихы алаирхәит
Аҧыза-министр FITUR 2021 асасцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз аофициалтә адкылара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Испаниа ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аделегациа алахәылацәа дрыцны, ЕАР Атуризм адунеизегьтәи аиҿкаара ала жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа  FITUR 2021 асасцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз аофициалтә адкылара ихы алаирхәит.

ЕАР Атуризм адунеизегьтәи аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Зураб Пололикашвили Қырҭтәыла аделегациеи, жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа егьырҭ зранг ҳараку асасцәеи идикылеит Мадридтәи аҳратә театр аҿы.

Аофициалтә адкылараҿы иҟаз асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит ЕАР Атуризм адунеизегьтәи аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Мадрид ахадеи, Испаниа аиндустриеи, ахәаахәҭреи, атуризми рзы аминистри.

„Апандемиа ианалага ашьҭахь шықәсыкибжаки рнеҩс Мадрид раҧхьатәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа амҩаҧгара алшара ахьҳамоу сеигәырҕьоит.  Уи даараӡа ибзиоу алагамҭоуп, атуризм аиҭашьақәыргылара алагамҭоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, абри авирус ҳшаиааиуа. Аҭагылазаашьа еиҕьхоит, ҳара ҳазынтәгьы аоптимизм ҳалоуп. Ҳара, ҳаидгыланы, иуадаҩӡаз аамҭа ҳаицхысит. Мадрид бзиала шәаабеит! Шәахьааиз азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит“, – иҳәеит Зураб Пололикашвили асасцәа рҿаҧхьа данықәгылоз.