Аҧыза-министр ЕАР ҳамҭас еиҭеит  „Абжьас-цәа зшәу“ амузеитә екземплиар
Аҧыза-министр ЕАР ҳамҭас еиҭеит  „Абжьас-цәа зшәу“ амузеитә екземплиар

Ауникалтә напҩыра  „Абжьас-цәа зшәу“ Ниу-Иорк, ЕАР арт-коллекциаҿы ишьҭарҵеит.  „Абжьас-цәа зшәу“ амузеитә екземплиар аҧҵан 2017-2018 шықәсқәа рзы, уи аус адырулон Қарҭи Парижи инхо гәыҧҩык асахьаҭыхҩцәеи акаллиграфцәеи. Зыӡбахәы ҳәоу аекземплиар ахҟьа иҭаҧыҟҟаны  иҟаиҵеит Франциа инхо еицырдыруа ақырҭуа скульптор Гуџьи Амашукели.  Иахьа Қырҭтәыла аҧыза-министр ари аекземлиар, аофициалла, ЕАР ҳамҭас еиҭеит.

Гуџьи Амашукели иҟаиҵаз, амилаҭтә ҵакы змоу ауникалтә иҭаҧыҟҟоу ахҟьа араӡны иалхуп, 20 раҟара еиуеиҧшым зыхә дуу ахаҳәқәа рыла иҩычоуп.
Гуџьи Амашукели иаҧиҵаз аскульптурақәеи, асимволтә ҟазшьа змоу анаплыхқәеи, амедалионқәеи, аҩычагақәеи, амифтә-религиатә темазы иаҧҵоу, ахьи араӡни рҿы иҭаҧыҟҟоу амаҭәарқәеи ишьҭоуп адунеи идуӡӡоу амузеиқәеи, агаллереиақәеи, хазхаҭалатәи аколлекциақәеи рҿы. Гуџьи Амашукели иаҧиҵо амаҭәар цыҧхьаӡа иуникалуп.
“Абри аҭоурыхтә уснагӡатә алахәызаара сара сзы ҳаҭыр дууп. Ҳара ЕАР аҳамҭа аҳҭоит, аофициалла аҳамҭа рыҭара сара сзы ҳаҭыр дууп. Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнакцәа иаҳзыҟарҵо зегьы азыҳәан  – Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәоит”, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Қырҭтәыла аҳамҭа шьҭарҵеит ЕАР аофис хадаҿы, аҩбатәи аихагылаҿ, зегьы раасҭа зҵакы дуу аҭыҧқәа руакы аҿы, уааҵәҟьа иҟоуп ЕАР Ашәарҭадратә Хеилак аилатәарақәа ахьымҩаҧысуа азалгьы.

Ауснагӡатә ихы алаирхәит ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭыҧуаҩ Атул Харе.

ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ Қырҭтәыла аҧыза-министр ҳамҭас еиҭеит Шоҭа Русҭавели дахьаарҧшу аԥошьҭатә марка, абри амарка  2018 шықәсазы, Шоҭа Русҭавели  850 шықәсатәи иубилеи инамаданы, иҭнажьит Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥошьҭатә маркақәеи анумизматикеи рзы адепартамент.