Аҧыза-министр ЕАР ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа ахада диҧылеит 
Аҧыза-министр ЕАР ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа ахада диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада  76-тәи асессиа ахада Абдула Шаҳид  диҧылеит. 

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылеи ари аиҿкаареи русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа. 

Хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы аҭагылазаашьеи  аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы ЕАР инанагӡо ароли. Аҧыза-министр Ассамблеиа Хада ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. 

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун аҭынчреи ашәарҭадареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи, агендертә азинеиҟарареи азҵаарақәа.