Аҧыза-министр Аҷара аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәа Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рнапхгаҩы ҿыц дрыдигалеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии дицны, Аҷара аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәа Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ҿыц дрыдигалеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аҷаратәи автономтә республикаҿы имҩаҧгаз зҵакы дуу апроектқәеи урҭ рынагӡара аҵаки далацәажәеит.
Иракли Кобахиӡе Ҭорнике Рижваӡе имҩаҧигаз аусуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ҿыц Сулхан Ҭамазашвили ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
„Иахьа Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ҿыц икандидатура шьақәырҕәҕәан. Ҳаҭыр зқәу Сулхан аҭакҧхықәра ду зцу, зҵакы дуу амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идысныҳәалоит. Ҳаҭыр зқәу Сулхан иалкаау апрофессионалцәа дреиуп, азинхьчаратә структурақәа рҿы аусура аҧышәа ду имоуп. Азинхьчаратә структурақәа рҿы аусура ауаҩы аҧышәа ду инаҭоит, уи аменеџьертә усуразы, иара убас, инеизакны, анапхгараҭаразы аҵакы ду амоуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ҳаҭыр зқәу Сулхан аиҳабыра рхантәаҩы иаҳасабала ақәҿиара дуқәа шиоуа“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аиҧылара алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра ҧасатәи рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡеи, ахантәаҩы ҿыц Сулхан Ҭамазашвилии, Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Давиҭ Габаиӡеи.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламенти, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыреи Иреиҳаӡоу ахеилаки рылахәылацәеи, Аҷара амуниципалитетқәа рхадацәеи.