Аҧыза-министр афуҭсал азы Қырҭтәыла аизга алахәылацәа дырҧылан, Европа ачемпионатаҿ ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит 
Аҧыза-министр афуҭсал азы Қырҭтәыла аизга алахәылацәа дырҧылан, Европа ачемпионатаҿ ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе афуҭсал азы Қырҭтәыла аизга алахәылацәа дырҧылан Европа ачемпионатаҿ ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит, аиҧылара ихы алаирхәит Ашьапылампыл азы афедерациа ахада Леван Кобиашвили. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, инеишьҭаргыланы ҩынтә Европа ачемпионатахь аиасра  зҵакы дуу ақәҿиароуп, иара уи азыҳәан аизга алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит. 

“Азгәыбылҩы иаҳасабала, ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Абри ақәҿиара шәгәырҵәҟыл дуи шәџьабаа дуи ирыбзоуроуп, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Европа ачемпионатаҿ ақәҿиара дуқәа шәзеиҕьасшьоит. Агәра ганы сыҟоуп наҟ-наҟ иаҳа-иаҳа ирацәаны ақәҿиарақәа шшәоуа. Уи азы ашьаҭа аҧышәҵеит, абри зегьы азы ҷыдала ҭабуп ҳәа шәаҳәатәуп. Ҳазҭалаз ашықәс азы анасыҧи Европа ачемпионатаҿ ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. 

Афуҭсал азы Қырҭтәыла аизга, инеишьҭаргыланы иҩынтәны аицлабразы, уаҵәы Европа ачемпионаташҟа идәықәлоит. Ақырҭуа спортсментцәа А агәыҧ аҿы Хорватиеи, Латвиеи, Франциеи реизгақә ирацлабуеит.  

Афуҭсал азы Европа ачемпионат мҩаҧысуеит Латвиеи, Словениеи, Лиетувеи рҿы, 2026 шықәса ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 7-нӡа.