Апарламент алахәылацәа Израиль иҭахаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит
Аҵареи аҵарадырреи рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы, Израиль апарламент аҟны аиҩызара агәыҧ анапхгаҩы Гиви Миқанаӡеи агәыҧ алахәылацәеи, Қарҭ иҟоу Синагога ду аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны, Израиль иҭахаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит», — аарыцҳаит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура аҟынтәи.
Уааҵәҟьа дыҟан Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Хадас Меицад. Адепутатцәа, ауаа рацәа рҭахара иадҳәаланы ацҳаражәҳәаҩ идашшылеит.
«Ҳара Израиль ҳшадгыло ааҳарҧшит. Аҭынчра альтернатива шамам ҳҳәеит. Иҭахаз ауаа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәеит. Ҷыдала иазгәаҳҭеит аҩ-ганк рҟынтә аҭынчуаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи ахьчара аҵакы ҷыда шамоу», — иҳәеит Гиви Миқанаӡе.