Апарламент ааҧынратә асессиа аадыртуеит жәабран 4 рзы
Апарламент ааҧынратә асессиа аадыртуеит жәабран 4 рзы

 

«Қырҭтәыла  11-тәи ааҧхьара апарламент ааҧынратә асессиа аадыртуеит әжабран 4 рзы, атәыла аҭагылазаашьа иадҳәаланы атәыла ахада иҟаиҵо ажәахә ала», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахьа имҩаҧгаз абиуро  аилатәараҿы.

Апарламент ахантәаҩы адепутатцәа идирдырит жәабран 4-7 рзы апленартә аилатәарақәа рҿы изхәаҧшуа азакәанҧҵаратә инициатива ҿыцқәа.

Иара убас, асессиаан, адепутатцәа, афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» аинициативала еиқәыршәоу апарламент ақәҵара апроект иахаҧшуеит, уи 2003-2012 шықәсқәа рзы усҟантәи арежими уи аполитикатә усзуҩцәеи роуранагӡара иадҳәаланы аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иазкуп.

Иара убас, абиуро алахәылацәа, аиаҿкааратә зҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Урҭ иреиуп  —  Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла еснагьтәи аделегациа архынҳәра иазкны адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет иҟанаҵаз ааҧхьара.