Анналена Бербок - G7- иалоу атәылақәа Путин изышьақәдырӷәӷәароуп Украинаҿ ихықәкқәа рынагӡара шилымшо
Анналена Бербок - G7- иалоу атәылақәа Путин изышьақәдырӷәӷәароуп Украинаҿ ихықәкқәа рынагӡара шилымшо

Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок иҟалҵаз аҳәамҭала,  G7- иалоу атәылақәа Путин изышьақәдырӷәӷәароуп Украинаҿ ихықәкқәа рынагӡара шилымшо. Ари аҳәамҭа Бербок Иапониаҿ, G7 иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа реиԥылара данахцәажәоз ҟалҵеит.

Германтәылатәи адипломат лажәақәа рыла, аӡынразы Украина урыстәылатәи ажәыларақәеи аенергокризиси рыхшара G7 иалоу атәылақәа рыцхыраарала алшеит. Ари ацхыраара нагӡахароуп, Путин еиликаароуп аибашьра иахҟьоу ааԥсара иахәамԥшыкәа, Украинаҿ Путин ихыкәқәа рынагӡара шилымшо.