ИУНИСЕФ ацҳаражәҳәаҩ, америкатә актриса Анџьелина Џьоли Украина даҭааит.
Украина Иреиҳаӡоу Рада Facebook адаҟьа иануп Львовтәи акаҳуажәырҭаҿы иҭыхыз Анџьелина Џьоли лвидеонҵамҭа.
«Анџьелина Џьоли Львовтәи акаҳуажәырҭаҿы дыҟоуп, уи алагьы иубарҭоуп адунеи зегьы, еицырдыруа аеҵәақәагьы ҳара ишҳадгыло!» — иазгәарҭеит Рада апресс-маҵзураҿы.
Мызкы аҧхьа, Анџьелина Џьоли Римтәи ахәышәтәырҭашҟа днеины, Украинантә аевакуациа зызу ахәыҷқәа лбеит.