Андреи Ермак ишааицҳаз,  Украина Польшантә 14 "Леопардқәеи" РТ-91 60 танкқәеи аиуеит
Андреи Ермак ишааицҳаз, Украина Польшантә 14 "Леопардқәеи" РТ-91 60 танкқәеи аиуеит

Украина ахада иофис анапхгаҩы Андреи Ермак ишааицҳаз, Украина Польшантә 14 “Леопардқәеи” РТ-91 60 танкқәеи аиуеит. Ари атәы Еромак “Телеграмм” аканал аҿы ааицҳаит.

“Ҳадгылаҩцәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Аӷацәа рнырҵәара наҳагӡоит”, – иҩит Ермак.

Украина атанкқәа рыҭара иазкны канадатәи аихқәа драцәажәеит Польша аԥыза-министргьы.

„Ҳара егьырҭ аҿырԥштәы раҳҭоит. Польшантә фымз раԥхьа 250 танкқәа роуит. Мраҭашәаратәи Европаҿ ҳпартниорцәа ираҳҳәеит атанкқәа рыҭара аҵак ду шамоу. Иҟоу адыррақәа рыла, Уырстәыла 15 нызқь иреиҳаны атанкқәа рымоуп”, – иҳәеит Матеуш Моравиецки.