Конгрес алахәыра  Виктория Спартц  Андреи Ермак инапынҵақәа шьҭеиҵарц ибжьалгоит
Конгрес алахәыра  Виктория Спартц  Андреи Ермак инапынҵақәа шьҭеиҵарц ибжьалгоит

Америкатә Конгрес алахәыра  Виктория Спартц  Украина ахада иофис анапхгаҩы Андреи Ермак инапынҵақәа шьҭеиҵарц ибжьалгоит.

«Америкеи Европеи  Ермак игәра зымго рацәоуп. Ермау аҳәынҭқарратә усзуҩҵәҟьазар, инапынҵақәа шьҭеиҵон. Иара роуп аӡынраз  Украина анапхгара агәра дзыргаз Урыстәыла Украина иажәылом ҳәа, убри амшала украинаа ишахәҭаз ала иазыҟаҵамызт. Аха, икьасаны акәзаргьы, ашьаҿа иаша ҟаиҵар илшоит», — илҳәеит  Спартц.

Аконгресс алахәыла ишылҳәаз ала, Ермак лара дылҿагыланы амцҳәаратә кампаниа мҩаҧигоит. Лара лажәақәа рыла, Украина анапхгара атәыла аиҭашьақәыргыларазы аҧара рымазар ҟалап, аха, ар рныҟәгаразы аҧара рымам.