Андреи Ермак – Ақырҭуа ҳашьцәа гәыкала срыдашшылоит, иаҳзеиҧшу ҳаҕа ҳаиааироуп
Андреи Ермак – Ақырҭуа ҳашьцәа гәыкала срыдашшылоит, иаҳзеиҧшу ҳаҕа ҳаиааироуп

Украина ахада иофис анапхгаҩы  Андреи Ермак   «Telegram» аҿы Баҳмут ааигәара иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит,  иара 5ҩык ақырҭуа аибашьцәа рҭахара иадҳәаланы ақырҭуаа дрыдашшылеит. Ермак апост иҩит украин бызшәалагьы ақырҭшәалагьы.

«Баҳмут — астратегиатә ақалақь ахьчара наҳагӡоит!
Есымша игәымбылџьбароу ақәҧара мҩаҧысуеит. Ҳакәша-мыкәша аҕацәа рыҧсыбаҩқәа кажьуп, дара рыҧсцәагьы ргом.

Ҳаруаа ақәҧара нарыгӡоит, ҳаргьы ацәыӡ ҳамоуп.
57-тәи абригада иалоу украинааи ақырҭуеи  ҳаибашьцәа  амацәаз иҭаркит.  5ҩык ақырҭуа ақәҧаҩцәа ҭахеит, реиҳабы ахәра иоуит.  Дара аҭынчреи ахақәиҭреи иазықәҧон!
Ақырҭуа ҳашьцәа гәыкала срыдашшылоит! Иҳадгыланы иқәҧо аибашьцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Ҳара аҕак дҳамоуп!
Укаинеи Қырҭтәылеи рхақәиҭразы хымҧада аиааира ҳгароуп. Баҳмут  —  атитанцәа рқалақьуп!» — иҩит  Андреи Ермак.

Иацы Украина даҽа 5ҩык ақырҭуа ақәҧаҩцәа ҭахеит.  Авто Руруеи, Ромео Кварацхелиеи, Ромео Ҧичхаиеи, Мераб Аладашвилии, Бадри Маркелиеи урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ирҿагыланы Баҳмут еибашьуан.  Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа адыррала, дара иашьашәалоу аусбарҭақәа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп, аха, аинтенсивтә ақәҧарақәа рымшаала,  абри аҵакырадгьылынтә аҧсцәа ралгара макьара ирылшом.

Жәабран  24 инаркны иахьанӡа, Украина иаҿагыло аурыс агрессиа иалаӡит 33ҩык ақырҭуа ақәҧаҩцәа.