Андреи Ермак иҳәамҭала, Америкеи Украинеи рхадацәа ҭелла еицәажәеит
Андреи Ермак иҳәамҭала, Америкеи Украинеи рхадацәа ҭелла еицәажәеит

Украина ахада иофис анапхгаҩы Андреи Ермак ишиҳәаз ала, Америка ахада Дональд Трампи  Украина ахада Владимир Зеленскии ҭелла еицәажәеит.

Андреи Ермак асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, ари аиҿцәажәара аҵакы ду аман.

«Хара имгакәа адетальқәа зегьы еилышәкаауеит», — иҩит Ермак.