Амиран Гамҟрелиӡе – Мшаԥы азы китаитәи еилахәыла «Синофарма» 100 000 доза алаҵа ааҳгоит
Амиран Гамҟрелиӡе – Мшаԥы азы китаитәи еилахәыла «Синофарма» 100 000 доза алаҵа ааҳгоит

Мшаԥы азы китаитәи еилахәыла «Синофарма» 100 000 доза алаҵа ааҳгоит, – иҳәеит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Гамҟрелиӡе Актәи аканал ахь ишааицҳаз ала, еилацәажәарақәа мҩаԥысуеит «Фаизери», «Нововақси», «Џьонсони Џьонсони» уҳәа егь. еилахәырақәа рҟны.

«Мшаԥы азы Қырҭтәыла китаитәи еилахәыла «Синофарма» 100 000 доза алаҵа аиуеит. Ари алаҵа Адунеизегьтәи агәабзиара еиҿкаара авторизациа азыԥшуп.

Иара убас еилацәажәарақәа мҩаԥысуеит «Фаизери», «Нововақси», «Џьонсони Џьонсони» уҳәа егь. еилахәырақәа рҟны. Ԥхынгәы инаркны амассатә вакцинациа ҳалагар ҳҭахуп,» – иҳәеит Гамҟрелиӡе.