"Амилаҭтә ҵысра" алахәылацәа Ника Мелиа иус азы аӡбаратә процесс аполитикатә процессуп ҳәа рҳәеит
"Амилаҭтә ҵысра" алахәылацәа Ника Мелиа иус азы аӡбаратә процесс аполитикатә процессуп ҳәа рҳәеит

 

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Леван Хабеишвили иҳәамҭала,  Ника Мелиа иус азы аӡбара аполитикатә ақәҵара аднакылоит.

Хабеишвили иажәақәа рыла,  Ника Мелиа ибаандаҩтәразы изакәызаалак азинтә ашьаҭак иҟам, дара аҭынчмҩала ақәҧара нарыгӡоит.

«Ника Мелиа атҟәара дыргыр рҭахызар, уи еиҧш алшара раҳҭом.  Асааҭ ҧшьба рзы  «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитикатә ақәҵара рыдыркылоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ишыҟазаалак, дара рыӡбара азинтә акәымкәа, аполитикатә ҟазшьа амазаауеит», — иҳәеит  Леван Хабеишвили.

Иацы апарламент ала Ника Мелиа идепутаттә иммунитет аанкылан.