Амилаҭтә банк авалиутатә аукционаҿ  44 900 000 адоллар аҭиит
Амилаҭтә банк авалиутатә аукционаҿ  44 900 000 адоллар аҭиит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк авалиутатә аукционаҿ  44 900 000 адоллар аҭиит.

«2023 шықәса жьҭаара 6 рзы имҩаҧгаз авалиутатә аукционаҿ Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҭиразы ицәырнагеит  50 миллион адоллар. Аукционаҿ ирҭиит  44 900 000 адоллар, абжьаратә курс  2,6716 лари иаҟаран», — иануп Амилаҭтә банк аинформациаҿы.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банкаҿ ишырҳәаз ала, авалиутатә аукцион хықәкыс иаман аиҭныҧсахларатә курс азы анырра армаҷра амзызла зныктәи аилаӡара ду амҩаҧгара.

Уи  2023 шықәсазы Қырҭтәыла Амилаҭтә банкт аҭиразы аҧара ахьцәырнагаз ахәбатәи аукционуп. Зынӡа  2023 шықәсазы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк авалиутатә аукционаҿ аҭиит  126 750 000 адоллар.