Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа армаҷит  10,25%-нӡа
Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа армаҷит  10,25%-нӡа

Иахьа, нанҳәа 2 рзы, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк Амонетатә политиказы акомитет аӡбара аднакылеит амонетатә политика азыҧҵәа  0,25%-ла армаҷра иазкны.

Амилаҭтә банк адыррала, иахьарнахыс амонетатә политика азыҧҵәа  10,25% иаҟароуп.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррала, рашәарамзазы шықәсыктәи аинфлиациа  0,6% иаҟаран, уи азы анырра рыман адәныҟатәи афакторқәагьы.

Амилаҭтә банк аҿы ишырҳәаз ала, атенденциақәа шыбзиоугьы, аинфлиациа ашәарҭара дууп.

«Аинфлиациатә тенденциақәеи азҧхьагәаҭарақәеи иазҧхьагәаҭаны, Амилаҭтә банк, имырласӡакәа,   азыҧҵәа анормализациа аполитика нанагӡоит.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аекономикатә процессқәеи афинанстә џьырмыкьақәеи  ирыцклаҧшуеит,  ахәқәа рҭышәынтәалара аиқәыршәаразы ахархәагақәа зегьы рхы иадырхәоит.

Амонетатә политиказы акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит  2023 шықәса цәыббра 13 рзы», — ирҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҿы.