Амилаҭтә банк -  «Абанк ВТБ» аахәара иадҳәаланы, Амилаҭтә банк ашҟа азин аиуразы азыҳәамҭакгьы ҟаҵамызт, изакәызаалак аилаӡара мҩаҧгахоит асанкциақәеи азакәани иазҧхьагәаҭаны
Амилаҭтә банк -  «Абанк ВТБ» аахәара иадҳәаланы, Амилаҭтә банк ашҟа азин аиуразы азыҳәамҭакгьы ҟаҵамызт, изакәызаалак аилаӡара мҩаҧгахоит асанкциақәеи азакәани иазҧхьагәаҭаны

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аилыркаарақәа ҟанаҵеит  «Абанк ВТБ» аахәара алшара иадҳәаланы. Абанк аҿы ишаарыцҳаз ала, зыӡбахәы ҳәоу абанк аахәара азин аиуразы Амилаҭтә банк ашҟа азыҳәамҭа ҟаҵамызт. Иара убас, ишазгәарҭаз ала, аилаӡара мҩаҧгахоит жәларбжьаратәи асанкциақәеи азакәани инақәыршәаны.

«Ишыжәдыруа ала, «Абанк ВТБ» аахәара иазҿлымҳау рацәоуп, аха, азин аиуразы аӡәгьы азыҳәамҭа ҟаимҵацт.  Уажәтәи аетап азы ҳара аконкреттә еилахәырақәеи ахьӡқәеи раргаматәра азин ҳамам. Аха, агәра шәҳаргар ҳҭахуп, аиалаӡарақәа зегьы иаартны, жәларбжьаратәи асанкциақәеи азакәани инақәыршәаны ишымҩаҧысуа», — иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациаҿы.